Print this page

Афырхацәа рбаҟаҿы

Мшаҧы 27, 2023 116

Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум аҽалархәразы арахь иааз Урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа алахәылацәеи аҳҭны-қалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Иара убас акциа алахәылацәа ари апарк аҿы збиустқәа ықәыргылоу аԥсуа ар рԥызацәа – Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбари Аԥсны Афырхаҵа Султан Соснали­еви ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара рхы аладырхәит Урыстәылатәи академикцәа, апрофессорцәа, амедицинатә наукақәа ркандидатцәа, аҳақьымцәа, агәабзиарахьчара Аминистрра аусзуҩцәа, Аԥснытәи Урыстәылатәи амедицинатә еилазаара ахаҭарнакцәа.