Print this page

Ашәарҭадара азҵаарақәа ирызкны

Мшаҧы 20, 2023 143

Апрель 18. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ныҟәара аан, Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев диԥылеит.

Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак аппарат апресс-маҵзура аҟнытә ТАСС ахь адырраҭара злаҟарҵаз ала, Бжьаниеи Нургалиеви арегионтә шәарҭадара азҵаарақәеи Аԥсны асоциал-економикатә рҿиареи ирызкны ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

«Иааиуа атуристтә аамҭа ҳасаб азуны, ирылацәажәеит Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа Урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара алыр­шара азҵаарақәа», – иазгәарҭеит Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак аҟны.