Print this page

АҚЬЫРСИАНЦӘА РНЫҲӘА ДУ

Мшаҧы 20, 2023 136

Аԥсны Ахада Ас лан Бжьаниа Аԥсны ақьырсиан иашахаҵаҩцәа ирыдиныҳәалеит Мшаԥныҳәа – Христос Игылара.

Акыр иаԥсоу ҳтәылауаа! Гәык-ԥсыкала Аԥсны ақьырсианцәа ишәыдысныҳәалоит Христос Игы­лара, Мшаԥныҳәа ду.

Акыр шәышықәсақәа раахыс адунеи зегь аҟны аиԥш, Аԥсны иахыҩуеит Христос Игылара иазку ажәабжь хазына. Уи ауаа абзиахь рхы архоит, аԥсҭазаара иақәгәырӷьо иҟанаҵоит.

Абри аныҳәа лаша аҽны ҳара иааҳарԥшуеит агәшаҭара, иаҳзааигәоу рыгәцаракра, ҳадгьыл гәакьа ашҟа гәык-ԥсыкала абзиа­бара. Аԥсҭазаара нҵәара шақәым агәра гауа, иаԥаҳҵоит аҭаацәарақәа, аус аауеит, ахәыҷқәа ҳааӡоит, Аԥсны аиҭарҿиаразы аҭагылазаашьақәа еицаԥаҳҵоит. Абри аныҳәа аҽны дарбанзаа­лак игәаланаршәоит ауаҩы иб­зиабара, ихьаа ицеиҩшара, наҟ- ааҟ аҳаҭыреиқәҵара, аиҳабацәа ҳаҭырла рбара.

Абри аныҳәа лаша иацу ацқьара, агәыразра неиааит дарбанзаа­лак игәаҵаҿы, ҩнаҭацыԥхьаӡа, Ҳазшаз ҳихьчааит.

Христос Дгылеит!


Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ақьырсианцәеи Мшаԥы азгәазҭауа атәылауаа зегьи ирыдиныҳәалеит Христос Игылара Лаша.

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны атәылауаа! Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Аԥсны Жәлар Реизара ахьӡала гәык- ԥсыкала ақьырсианцәа зегьы ирыдысныҳәалоит Мшаԥныҳәа ду!

Мшаԥы лаша ныҳәа аԥсҭазаара иасимволуп, ауаа рыгәқәа арҭәуеит гәырӷьарыла, бзиабарыла.

Аиашахаҵара ныҟәызго дар­банзаалак ақьырсиан изы акырӡа аҵанакуеит Ҳаиқәырхаҩ иҭынха аиқәырхара, адоуҳатә малқәа рыхӡыӡаара, реихаҳара. Мшаԥы лаша еснагь иарлаша­лааит шәара шәымҩа, аҭоурых дацԥашәқәа, атрадициа ҵаулақәа реилкаараҿы ишәыцхраауеит, – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.