Print this page

Аиааира ргеит

Мшаҧы 20, 2023 127

Асҭамыр Гәынбеи Мараҭ Кокосқьериеи аиааира ргеит, Ба­грат Ԥандариа иакәзар, ахацәа рыҩнуҵҟа ахы иақәиҭны аиқәԥаразы Ацентртә федералтә округ ачемпионат аџьаз ԥхьахәы иана­шьахеит, – иаанацҳауеит Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы асаит. Ачемпионат мҩаԥысуан Брианск.

Баграти Мараҭи 70 килограмм рҟынӡа зкапануа реицлабра иалахәын, Асҭамыр – 79 кило­грамм.

Аицлабрақәа Урыстәыла ачем­пионат ахь алԥшаарақәа ирызкын. Уи мҩаԥысуеит Даӷьсҭан, Каспииск ақалақь аҟны ииун алагамҭазы.

Аспортсменцәа зааӡаз азыҟаҵаҩцәа Ҭемыр Џьопуеи Дауҭ Лазбеи роуп.