Print this page

Аҽазыҟаҵарақәа ирхысит

Мшаҧы 20, 2023 162

Аԥсныпресс. Аԥсны апро­куратура Хада ахаҭарнакцәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рзинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рзы азанааҭтә дыр­ра аҩаӡара ашьҭыхра апрограммақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирхысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Ҳазҭоу ашықәс, хәажәкырамза 27 инаркны 31 аҟынӡа, апрокура­тура Хада аусеилыргаратә ҟәша аиҳабы Амҷба И.Ш. Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыргаратә комитет Санкт-Петербургтәи А к а д е м и а ҿ ы а п р о г р а м м а «Ацифратә валиутеи ацифратә финанстә активқәеи рхархәарала иҟаҵаз ацәгьоурақәа раарԥшреи реилыргареи» ала а́ҽазыҟаҵара дахысит.

Хәажәкырамза 27 инаркны мшаԥымза 7 аҟынӡа Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыргаратә комитет Москватәи Акаде­миа аквалификациа ашьҭыхра афакультет аҿы апрограм­ма «Акриминалисттә техника алшарақәеи уи ахархәара атак­тикеи» ала аҽазыҟаҵарақәа ир­хысит Аԥсны апрокуратура Хада Аусеилыргаратә усбарҭа апро­курор Амҷба А. Л., Аҟәа ақалақь апрокуратура аусеилыргаҩ- акриминалист еиҳабы Дгьебиа А. А., иара убас Аҟәа ақалақь апрокуратура аусеилыргаҩ еиҳабы Цәышба Б. Б. Аҵараҿы иаадырԥшыз аихьӡарақәеи аҵаратә процесс активла аҽалархәреи рзы Аԥсны апро­куратура Хада ахаҭарнакцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.