Print this page

Адемографиа актәи ашықәсбжала

Нанҳәа 02, 2022 293

 

2022 шықәса актәи ашықәсбжала Аҧсны иит 562-ҩык ахәыҷқәа, урҭ рахьтә 283-ҩык ҷкәынцәоуп, 279-ҩык ӡҕабцәоуп. Аҧсныпресс ахь абри атәы аарыцҳаит Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрра аҟнытә. Ҳазну ашықәс азы ииз ахәыҷқәа рахьтә 341-ҩык аҧсуаауп, 66-ҩык – аерманцәа, 63-ҩык – ақырҭцәа, 40-ҩык – аурысцәа, 52-ҩык – егьырҭ амилаҭқәа.

Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иара убас рыхшыҩ азырышьҭит Аҧсны амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны ииз ахәыҷқәа инарываргыланы, хыҧхьаӡарала ишмаҷым Урыстәылатәи ақалақьқәа рыхшараиурҭақәа рҟны ииуагьы, раҧхьаӡа иргыланы, Шәача. Агәабзиарахьчара Аминистрра иаанагауа ацифрақәа ирныҧшуеит Аҧсны ахшараиурҭақәа рҟаҵарбақәа.