Print this page

Тҟәарчал ахаҿра еиӷьхоит

Мшаҧы 13, 2023 117

Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Тҟәарчал ахаҿра арԥшӡара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Аргыларатә еилазаара анапхгаҩы Рауль Шамугиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Тҟәарчал ақалақь имҩа­ԥысуа аусурақәа ртәы еиҭеи­ҳәеит. «Аалӡга аӡиас ихыу ацҳа аҩганк рыла – асветофор аҟынтәи еиԥгалоу амҩанӡа ахаҳәцәы ала иаҳчаԥоит. Иара убас, Тҟәарчал апарк хада аҭеиҭыԥш рҽеин. Апарктә мҩахәа­сҭақәа хаҳәцәыла иаҳчаԥеит, ахәыҷтәы хәмарырҭеи аԥқьаҭмпыл асырҭеи ҳаргылеит, иара убас арлашага ҿыцқәа шьақәҳа­ргылеит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Рауль Шамугиа иажәақәа рыла, иара убас аџьармыкьеи егьырҭ аобиектқәа жәпаки реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит. «Иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп х-ҩнык рхыбрақәа рыԥсахра, аӡыршә аргылара, Тҟәарчал ақалақь ахадара ахыбра аԥхьа хаҳә­цәыла ичаԥахоит», – ҳәа иҳәеит уи. Рауль Шамугиа аусурақәа зегьы ақалақь ахарџь ала имҩаԥ­гахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.