Print this page

Арҩышьыгақәа рымырхит

Мшаҧы 12, 2023 332

Аушьҭрагәаҭаратә ҭыԥ аҟны амашьына агәаҭараан ирыԥшааит, иагьрымырхит аполиетилентә еилаҳәарақәа. Урҭ иргәылан аххыраԥшра змоу амаҭәашьарқәа. Иара убас ирыԥшааит 4 ҭрак ирҭаз (40 цыра) «нейронтин» ҳәа изышьҭоу ахәшә. Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалтә центр адырранҵала, ирымхыз, зыкапан – 0,617 гр. рҟынӡа инаӡо амаҭәашьар «героин» ҳәа изышьҭоу наркотикатә хархәагоуп. 4 ҭрак ирҭаз «нейронтин» ҳәа изышьҭоу, зеилазаараҿы аиҳарак «габапентин» ала ишьақәгылоу ахәшә ауп.  Иарбоу афакт ала ашьаусеилыргара хацыркхоит, уи азы иҵегь адырраҭара ҟаҵахоит ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аофициалтә саит.