«Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аус аҟны, Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи рганахьала хаҭала илагаламҭа ду азы Лавров Сергеи Виктор-иԥа ианашьазааит «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара», – иазгәаҭоуп 2023 шықәса март 21 азы аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵеиҩыз Аусԥҟаҿы.