Print this page

Аахыҵ-Кавказ аҭагылазаашьа иалацәажәеит

Хәажәкыр 24, 2023 158

Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны иааз Аахыҵ-Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәи Аидгыла Ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар напхгара ззиуаз Европатәи адипломатцәа рделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәыз Аахыҵ-Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала, аиҿцәажәараан арегион аҟны ашәарҭадара иадҳәалоу атемазы ргәаанагарақәа еимырдеит.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц, атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба, аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини амассатә информациа ахархәагақәеи русқәа рзы Аилак иалоу Наур Нарманиа.