Print this page

Ақыҭа арҿиара – аҳәынҭқарра иауалуп

Хәажәкыр 03, 2023 145

Ишдыру аиԥш, Асовет ҳәынҭқарра аилаҳара инашьҭарххны ҳауаажәлар ирхыргаз аибашьра ааха ду анаҭеит Аԥсны аекономика зегьы ааидкылан, шьаҭанкыла иаԥсахит ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа, ҳқыҭақәа  рхаҿсахьа. Уаанӡатәи аколнхарақәеи асовнхарақәеи анеилабга, уаҟа аус зуаз ауааԥсыра усурҭада иаанхеит. Ақыҭауаа, аиҳарак аҿар, ақалақьқәа рахь рхы дырхеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа акыр ауадаҩрақәа рызцәырнагеит ауаажәлар  реиԥш, Аԥсны аиҳабырагьы. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩнҵҟа, изныкымкәа–иҩынтәымкәа анапхгара аҽазышәарақәа иаадырԥшыз ирыбзоураны, ишьақәгылаз абри аҩыза анегативтә ҭагылазаашьа маҷк аҽаԥсахзаргьы, иахьанӡагь ари азҵаара иӡбатәны ишыҟац иаанхоит.

Абри зегь иазхәыцны, Аԥсны аиҳа­быра, 2021 шықәсазы  иаԥырҵеит «Ақыҭан­хамҩа арҿиара» зыхьӡу апрограмма.

Убас, 2021-2022 ш.рзы шәкы-шәкы миллион мааҭ шықәсыцыԥхьаӡа, ақыҭа уааԥсыра  иаарышьҭыз  апроеқтқәа ирыхҭынҵоуп еиуеиԥшым ақыҭанхамҩа ахырхарҭақәа рыла.

Иазгәаҭатәуп, арҭ апроеқтқәа ирыхҭынҵоу  аԥара архынҳәраз  ишрыҭам, дара рзын ари ишхәыда – ԥсадоу. Убри аан, аус убыс еиҿкаауп, аԥара анапаҿы аӡәгьы имоуа, аҳәынҭқарра ишиашоу изызку иахҭнаҵо.  

Имариам абри аус аиҿкаареи анагӡареи анапы ианҵоуп Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра, Џьопуа Беслан напхгара ззиуа. Ари акомиссиа аилазаараҿ иҟоуп  аҳәынҭқарратә усзуҩцәа реиԥш, Аԥсны  жәлар Реизара адепутатцәагьы.

2021-2022 шықәсқәа рзын  200 миллион мааҭ Аԥсны абиуџьет иазоунажьыз аԥара ахьынтәи, 253-ҩык зпроектқәа иреиӷьуп ҳәа иалхыз ауаа, ԥарала 154,2 милллион мааҭ рзоужьын. Аҵиааӡареи арахәа­аӡареи  мацара рзын ацхыраара рыҭоуп 144 нхамҩа, урҭ рахьынтәи 60 нхамҩа ҿыц иаԥҵоуп.

Аԥара ззоужьу  анхаҩцәа рнапы алакуп аԥсаатәааӡара, аалыҵ аус адулара, аԥсыӡааӡара, амеханизациа маҷ ҳәа  изышьҭоу аахәара уҳәа уб. иҵ.

Иаагозар, 2022 шықәса рзын  аҵиааӡара иахҭынҵан 27,5миллион мааҭ, арахәааӡара – 16,6 миллион мааҭ, аалыҵ аус адулара – 25,5 миллион мааҭ, амеханизациа маҷ аахәан – 8,8 милллион мааҭ рыхә, аԥсыӡ ааӡара – 2,5 миллион мааҭ, ахимиатә рҩышьыгақәа – 10,0 миллион мааҭ, абылтәи атрақторқәа рыхәҭаҷқәеи – 6,0 милллион мааҭ, арахә рыхәышәтәра азын алабораториа – 3,8 миллион мааҭ.

Иаҵшьны иазгәаҭатәуп, ҳазлацәажәо Апро­грамма қәҿиарала анагӡара иаиуз иабзоураны, акыр азҿлымҳара аадырԥшит ҳауаажәлар.

Убас, ҳазҭалаз 2023 шықәсазы  ари Апрограмма иацҵоуп, абиуџьет аҿы иазгәаҭоуп 100 милллион мааҭ. Иахьазы 180 инарзынаԥшуа иаашьҭу апроеқтқәа аус рыдулара иаҿуп  ҳминистрраҿ.

Ақыҭанхамҩа иаҵанакуа аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак ааԥын иузахьымыгӡаз даҽа шықәсык ахылар ауеит азыҳәан, абри аус знапы иану аспециалистцәа аминистрраҿ уажәы иахьеиуахеи аус рыдырулоит иаашьҭу, зыӡбахә ҳҳәаз апроеқтқәа.

Еиҿкаау акомиссиа, ақьаад ус анаҩсангьы, иҭырҵаауеит аҭыԥаҿы ицаны, излыҵуеи – излымҵуеи, иақәхарџьхоу аԥара феидас иаиуа, адгьыл ахаҭабзеира уҳәа убас иҵегь ицәырҵуа азҵаарақәа жәпакы рҭак аҟаҵара.

Ҳәарада, иҟоуп  акомиссиа мап зцәыркуа апроеқтқәа,  урҭ ирыгуирыбзоу аспециалистцәа рыцхыраарала ирҽеины иааиуа ашықәс ахь ииагахоит,иахәҭоу аԥара азоужьны.

Абасала, акыр ауадаҩрақәеи аџьабааи зцу усуп, аха ажәлар ирыдыркылаз аиҳабыра раԥшьгамҭа анагӡараз ақыҭанхамҩа аминистрра иалшо зегь ҟанаҵоит.


Ақыҭанхамҩа  Аминистрра апресс-маҵзура