Print this page

Ишәыдаҳныҳәалоит ааԥынра иацааиуа Амш!

Хәажәкыр 03, 2023 235

Акыр иаԥсоу, ҳаҭыр зқәу аҳәса! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Жәларбжьаратәи Шәымш – Март 8! Ааԥын иацны иааиуеит шәныҳәа, ԥшӡарала, хаарала, гәыкрала еибарку. Аԥҳәыс аҭаацәара еихазҳауа, ҳхәышҭаарақәа змырӡуа раԥхьа дгылоуп, лара илыҵоуп аԥхарра, аманшәалара, аизыӡырҩра. Еиҭаҳҳәоит, еиқәшәырхоит ҳхәышҭаарақәа, иагьышәыхьчоит. Аҳәса убоит ҳаԥсҭазаара аҵкарқәа зегьы рҿы, еиуеиԥшым аусқәа қәҿиарала шәнапы рылакуп.

Ианакәызаалак еснагь шәыжәҩахыр рыдышәҵоит, шәҭаацәа, шәгәакьацәа, шәыкәша-мыкәша, шәааигәа иҟоу гәцарашәкуеит, шәылаԥш рхуп. Ҳдунеи ҟашәҵоит иқьианы, илашаны, ахаареи аԥшӡареи аҵаны.

Шәара ишәааӡеит ҳажәлар Аиааира рзаазгаз афырхацәа, шәхаҭа шәакәзар, лак-ҩакрак ҟамҵакәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа шәнарылагылеит.

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ, агәырӷьара, аԥсҭазаара иацу абзиарақәа зегьы!