Print this page

Дырмит Гәлиа Имшира аҽны

Жәабран 27, 2023 139

Аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа имшира аҽны – февраль 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны инышә дахьамадоу игылоу ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан.

Ажәа азҟаза ду дыргәаладыршәарц уахь инеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҧсны Аҧыза-министр ихаҭыҧуаа Беслан Џьопуа, Владимир Делба, Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аҵареи, акультуреи, аҟазареи русзуҩцәа, ауаажәларра, аҿар, ашколхәыҷқәа.

«Ҳара иахьа, инарҭбааны акәымзаргьы, иазгәаҳҭоит аҧсуа литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа Имшира. Иааиуа ашықәс – иубилеитәуп, Аҧсны акультура аминистрра иадҵоуп Д. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра аиубилеи инарҭбааны амҩаҧгаразы ауснагӡатәқәа разырхиара. Ишдыру еиҧш, Дырмит Иасыф-иҧа аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭа икит. Уи аҧсуа алфавит аиқәыршәараҿы ибзоуроу рацәоуп. Иара ида ухаҿы иузаагом аҧсуа театр, аҧсуа ҭоурыхҭҵаара, редакторс даман 1919 ш. февраль 27 рзы иҭыҵыз агазеҭ «Аҧсны»,– иҳәеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба ажурналистцәа аниҿцәажәоз.

Анаҩс Д. Гәлиа игәалашәара иазкыз аусм­ҩаҧ­гатәқәа ирыцҵан Имемориалтә музеи аҟны. Арахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа.

Аиқәшәара аалыртит Д. И. Гәлиа Имемориалтә музеи аиҳабы Светлана Қорсаиа. Уи иааркьаҿны далацәажәеит жәлар рпоет ҳдоуҳатә культура арҿиараҿы иааникыло аҭыҧ, шьарда шилиршаз.

Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа дижьҭеи 150 ш. аҵра инамаданы, амузеи аусзуҩцәа реиҧш, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ргәаанагарақәа рҳәеит, аиубилеи азгәаҭараан иалкааны изхаҵгылатәу аусқәа рганахьала ражәалагалақәа ҟарҵеит: Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Даур Наҷҟьебиа, апоет-академик Владимир Занҭариа, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, Ауаажәларратә палата алахәыла Едуард Квираиа, апоет Заира Ҭҳаиҵыкә уҳәа егьырҭгьы.

Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи 4-тәи абжьаратәи ашколи, Е. Ешба ихьӡ зху 5-тәи абжьаратәи ашколи, Н. Лакоба ихьӡ зху 10-тәи абжьаратәи Ашьхарыуаа ршколи рҵаҩцәа жәлар рпоет иажәеинраалақәа исахьаркны ирыҧхьеит. Жәлар рышәҟәыҩҩы иҧсҭазаара далҵит 1960 ш. апрель 7 рзы.


В. Абаҕба