Print this page

Адәыӷбааҭгыларҭаҿы

Жәабран 16, 2023 193

Адәыӷбааҭгыларҭа «Аӡҩыбжьа» аҿы аихамҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа хыркәшахеит.

300 метра рҟынӡа инаӡо аучасткақәа ҩба рҿы (аихабетонтә шпалқәа рҿы) арельс-шпалтә еихыршь аҿыц ала иԥсаххеит. Убас ала, Аҟәа-Очамчыра еимаздо ихадоу ахырхарҭа ала маҷк ада амҿы иалху ашплақәа зегьы аихабетон ала иԥсаххеит. «Аԥснытәи аихамҿы» ишаз­гәарҭаз ала, 2022 шықәсазы иарбоу аҭыԥ аҟны  2 км рҟынӡа инаӡо аихамҩаҿы қәыԥсаҿы аиҭашьа­қәыргыларатә усурақәа мҩаԥган. Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» ҳазҭоу ашықәс азы аушьҭратә лшара аизырҳаразы иахәҭоу аусурақәа зегьы рымҩаԥгара иацнаҵоит.