Print this page

Алашара дырцәаргьы

Жәабран 10, 2023 154

Афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц ала­галара ина­маданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәи ақалақьтәи ахәы­шәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.

Аме­дицинатә усбарҭақәа рхадацәа афымцамч аамҭала аҿы­храқәа ишазыҟаҵоу атәы еиҭарҳәеит, убри аан араионтәи ақалақьтәи ахәышәтәырҭақәа зегьы адизельтә генераторқәа рыла еиқәыршәоуп ҳәа азгәаҭан. Аппаратқәа зегьы аус руеит, уи амедусбарҭақәа рҿы афымцамч ала аиқәыршәара аԥкрақәа ралагалара аамҭа азы атәылауаа рзы ихымԥадатәиу амаҵзурақәа рамҩаԥгара алнаршоит. Аминистр Едуард Быҭәба иҟоу аҭа­гылазаашьа ахылаԥшра аҭареи есыҽны ахәышәтәырҭақәа русуреи азы адырра ирҭаларц азы адҵа ҟаиҵеит.