Print this page

Адгьылҵысра инамаданы

Жәабран 10, 2023 165

Февраль 5 ашьжьымҭан Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Уи иахҟьаны ауаа рацәаны иҭахеит ахәрақәа роуит.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Башар Хафез-аль Асад дидашшылеит. Адашшыларатә шәҟәы атекст аҟны, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп: «Шәаҳаракыра! Гәалсра дула Аԥсны ирыдыркылеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҩадамраҭашәаратәи апровинциақәа рҿы иҟалаз арыцҳара ду зцу адгьылҵысра азы ажәабжь хьанҭа. Ари шәтәылазы акыр иуадаҩу аамҭазы Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи срыдашшылоит, ахәрақәа зауз зегьы иаарласны ршьапы иқәгыларц азы  алшара рзеиӷьасшьоит».