Print this page

Адныҳәалара

Жәабран 03, 2023 136

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, агазеҭ "Аҧсны" аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ Валери Амаршьан идырныҳәалеит ииубилеи.

Уаҟа иарбоп:

Акыр иаҧсоу Валери Џьота-иҧа! Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла гәык-ҧсыкала  ишәыдырныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра! Шәара аҧсуа культура, лымкаала аҧсуа кьыҧхь, лҵшәабзиала амаҵ азыжәуеит. Акыршықәса ҵуеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», нас «Аҧсны» аредактор ихаҭыҧуаҩыси, аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩыси аус жәуеижьҭеи. Шәџьабаа азгәаҭаны ишәанашьоуп «Ахьӡ-аҧша» аорден III  аҩаӡара, иара убас Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы шәыхҵоуп.

Акыр иаҧсоу Валери Џьота-иҧа! Аҧсны ажурналистика знапы алаку зегь рыхьӡала шәиубилеитә ныҳәа шәыдныҳәало, ишәзеиҕьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, ажәабжь бзиақәа.

Аҧсны ажурналистцәа

 Реидгыла ахантәаҩы 

Ҳашыг Р.М.


Агазеҭ «Аҧсны» аредакциа аусзуҩцәа гәык-ҧсыкала 80 шықәса ихыҵра идырныҳәалоит аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Валери Џьота-иҧа Амаршьан.