Print this page

Тамшь ақыҭан – ауахәамаҿы

Жәабран 03, 2023 144

Асабша, ианвар 28 азы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаҧган Аҧшьа Николаи Ассиррҿиаҩы (Чудотворец) ажәытәтәи иуахәама аҧшьара. Уи мҩаҧыргеит Аҧснытәи Ақьырсиан иаша­­хаҵара аиҳабы аиереи Вис­сарион (Аҧлиаа), Аҧс­нытәи адин­маҵзура аҧшьаҩцәа. Ауахәамаҿы ашәа рҳәон Аҟәатәи акафедралтә уахәама ахор.

Ауахәама аиҭашьа­қәыргылара иаҿын хышықәса. Ахаҳә ҧҽыхақәа ирылхны ақыҭа уахәама ргылан Тамшь ақыҭа ииз-иааӡаз, иахьа Аҧсны Жәлар Реизара адепутатс иҟоу Резо Занҭариа иҟаиҵаз ацхыраареи адгылареи ирыб­зоураны.

Аусмҩаҧгатә рхы алыдырхәт Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иҧшәмеи иареи. Аҳәы­нҭқарра Ахада ауахәама ҳамҭас иаиҭеит Абиблиа.

Анцәаи­ҳәараҿы иҟан Тамшь ақыҭа иалҵыз, иара убас ауааҧсыра.