Print this page

Раԥхьаӡа акәны

Ажьырныҳәа 20, 2023 197

Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» ахатәы малқәа рыла, атәыла Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адгыларала, аекономика Аминистрра ацхыраарала ҩ-секциак змоу алокомотив – фимцалеи былтәылеи иныҟәо аанахәеит. Абри атәы аанацҳауеит аихамҩа апресс-маҵзура. Ари раԥхьатәи аахәамҭоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра еилгазар аахыс.

Амашьына ҿыцқәа иалдыршоит аихамҩала аидарақәа рымҩангара мҽхак азырҳара. Алокомативқәа ирылшоит 50 авогонқәа еицраҳәаны ргара, аихамҩаҿы ирымақәоу раасҭа урҭ рымчхара ҩынтә рыла еиҳауп. Аелектровоз рхы иадырхәоит аидарақәа рымҩангаразы, егьи ахархәаразы иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иаҿуп.

Аԥсуа машинистцәа абас еиԥш иҟоу амаругақәа рныҟәцашьа аԥышәа рымоуп. Иаҭахны иҟалозар, Урыстәылатәи ҳҩызцәа ҳацхраауеит.