Print this page

Алеқсандр Анқәаб 70 шықәса ихыҵит

Ԥхынкәын 29, 2022 148

 

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ииубилеи идиныҳәалеит. Атәыла Ахада Аиҳабыра рхантәаҩы изеиӷьишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа.

Ахада Иусԥҟала, Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи арҿиареи рҿы илагаламҭа ду азы, активла имҩаԥиго ауаажәларра-политикатә усуразы Алеқсандр Анқәаб ианеишьеит «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара.

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имшира идиныҳәалеит. Ахәҭакахьала, уаҟа иазгәаҭоуп: «Шәара шәџьатә, шәуаажәларратә усураҿы иахьабалак шәҽазышәшәон ҳҳәынҭқарра арҿиара. Иаанышәкыло аҭыԥ дуқәа зегьы рҿы шәара иаашәырԥшуан анапхгаҩыҵәҟьа ихымҩаԥгашьақәа».

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имшира идиныҳәалеит. Ахәҭакахьала, уаҟа иарбоуп: «Иазгәасҭарц сҭахын, аиҩызареи аидгылареи рышьаҭала Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы хаҭалатәи шәлагаламҭа акырӡа шаҵанакуа. Агәра ганы сыҟоуп, ахәаахәҭра-економикатә, аинвестициатә усеицура ҳаԥхьаҟагьы арҵаулара, аԥеиԥш змоу апроектқәа рынагӡара Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа ишрықәшәауа». Мишустин Анқәаб изеиӷьишьеит агәабзиара, анасыԥ, аҭакԥхықәра зцу иусураҿы ақәҿиарақәа.

Абарҭ амшқәа рзы Аԥыза-министр иахь адныҳәаларақәа рацәаны иҟарҵеит. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы: Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы, аинрал-маиор Андреи Кудимов, Боливариантәи Ареспублика Венесуела Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу Заур Гәаџьаа уҳәа егьырҭгьы.