Print this page

Ацҳаражәҳәарҭаҿы

Ԥхынкәын 29, 2022 135

Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи аԥсуа хылҵшьҭра еиуоу Урыстәыла абизнес-хеидкыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара, иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Аицәажәара аан атәыла Ахада абизнес-хеидкыла ахаҭарнакцәа инҭкааны иреиҳәеит аҳәынҭқарра имҩаԥнагауа аекономикатә хырхарҭа атәы. Иара убас ишьҭихит хра злоу аполитикатә амшусхәаԥштә атемагьы.

Ахәҭакахьала, ирылацәажәеит Аԥсны аекономика ашҟа адәныҟатәи аинвестициақәа ралархәра, афымцаенергетика уҳәа егьырҭ азҵаарақәагьы.

Ргәаанагарақәа анеибырҳәа ашьҭахь, иазырыӡбеит Аԥсны инарҭбаау аиԥылара мҩаԥыргарц.