Print this page

Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш

Ԥхынкәын 16, 2022 161

Декабр 12 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш.

Уаҟа иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Аԥсны анапхгареи ажәлари рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдыс­­ныҳәалоит акырӡа зҵазкуа аҳәынҭ­қарратә ныҳәа – Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш.

Урыстәылатәи Афедерациа Аконсти­туциа – аҳәынҭқарра амал хада – атәылауаҩ, уи изин хадақәа, иуалԥшьақәа зныԥшуа атәыла азакәан хада ауп.

Урыстәыла Аконституциа аҭоурых беиа амоуп, уи иахҭнага­­хьеит аиҭакра ҵаулақәа, ианыԥшуан аҳәынҭқарра аҿиара иарбанзаалак аепоха аҷыдарақәа, аҽрықәнаршәон атәылеи ажәлари рҭахрақәа, рыгәҭакқәа.

Агәра ганы сыҟоуп, аиҩызареи аҳаҭыреиқәҵареи рыла ишьаҭарку Аԥсни Урыстәылеи реизыҟа­за­ашьақәа ҳаԥхьаҟагьы ишыҿиауа, ишыӷәӷәахауа ҳажәларқәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш аизҳазыӷьаразы.

Шәареи иаҳҩызоу Урыстәыла ажәлари ишәзеи­­ӷьасшьоит аҭынчра, аман­шәалара, ашәҭыкакаҷра!


Иара убас Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш рыдины­ҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа Валентина Матвиенкои Виачеслав Володини.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ашҟа адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амшныҳәа адныҳәаларазы.