Print this page

Аиааира игеит

Ԥхынкәын 09, 2022 186

Нестор Ҵышәба аиааира игеит аҧқьаҭмпыл асразы Тиументәи аобласт аҟны. Уи мҩаҧысит ноиабр 28 инаркны декабр 3 азынӡа. Аиҧылара иалахәын Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи 150-ҩык раҟара аспорт­сменцәа.

Нестор Ҵышәба дықә­гылеит 9-10 шықәса зхыҵуа рыҩнуҵҟа, аиҧылара цонаҵы знызаҵәык даҵахеит.

Нестор – Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аҧсны Ареспубликатәи аҧқьаҭасратә школ адиректор, Аҧсны аспорт азҟаза, азыҟаҵаҩ Елизабет Акуциа лааӡамҭа иоуп.

Тиументәи аобласт аҧқьаҭмпыл Афедерациа излаз­гәанаҭо ала, ахәмарҩцәа рзы ари аҵак ду амоуп, избанзар аспортсменцәа қәҿиа­рала рықәгы­­ларала рҟаҵарбақәа еиҕьыртәуеит. Анаҩсан дара рылҵ­шәақәа рыла, урҭ иҵегьы аицлабра дуқәа рхы рыладырхәырц рылшоит.