Print this page

Аҧснытәи аалыҵқәа – Никарагуа

Ԥхынкәын 09, 2022 174

Никарагуа имҩаҧысит ажәларқәа рыфатә хкқәеи қьырсаны­ҳәа атради­циақәеи Жәларбжьаратәи рфестиваль. Уи иалахәын аконтинентқәа зегьы рҟнытәи атәылақәа 40  рхаҭарнакцәа. Афестиваль иаҭааит 25 нызқьҩык инареиҳаны.

Никарагуа акультура аминистр Луис Моралес Алонсо инаҧхьарала ацәыргақәҵа гәырҕьарала аартра рхы аладырхәит Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, Никарагуа иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа. Афестиваль аҟны ицәырга­қәҵан Аҧснытәи аары­хҩцәа раалыҵқәа, аҧсуа милаҭтә цәашә­ҵатәқәа, иадырҳәон амузыка, Аҧсны иазку авидеоҭыхымҭақәа.

Аҧснытәи аҭӡы даара иргәаҧхеит аҭааҩцәа, интерессгьы иҟарҵон Никарагуаҟа Аҧснытәи атауарқәа рнагара, раахәара аганахьала иҟоу алшарақәа.

Ацәыргақәҵа официалла аартра ашьҭахь, Никарагуа аиҳабыра, иара убас аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа аҭааит Аҧсны аҭӡы, ирбеит аалыҵқәа ргьама, Аҧсны ахаҭарнакцәа ирыдырныҳәалеит афестиваль иахьалахәу, – иаанацҳауеит Аҧсны акультура апресс-маҵзура.