Аԥыза-министр иажәақәа рыла, уажәшьҭа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара иалагатәуп.
«Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба арҭ аиқәшаҳаҭрақәеи амеморандумқәеи ахархәара рыҭара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит. Уи абизнеси ҳареи иаартны ҳаицәажәарада аҟаҵара уадаҩхоит», - ҳәа ациҵеит Делба.
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит 2026 шықәсазы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы аҳәынҭқарра адгылара шыҟанаҵаз. Уахь иалоуп: акредит ҷыда аҭара, абизнес архынҳәра зҭахым аԥара азоужьра, ахықәкытә программақәа рыдгылара.
«2026 шықәса ақыҭа иашықәсны ирылаҳәоуп, аекономикатә ҿиара алзыршо абизнеси ақыҭанхамҩеи еинрааланы еилаҳагӡалароуп»,- ҳәа азгәеиҭеит Делба.