Уаанӡа, хәажәкырамза 16, 2026 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа адепутат Кәарҷиа ихымҩаԥгашьаҿы Аԥсны Ашьаустә кодекс ахәҭаҷ 113 («Ауаҩшьра аҽазышәареи агәабзиара ааха ӷәӷәа аҭареи») иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҷыдарақәа шаныԥшуаз ала алкаа ҟанаҵахьан, абҵарамза 5, 2026 ш. рзы агазеҭ «Аԥсуа дырраҭара» («Абхазский вестник») аофис аҿы иҟалаз ахҭыс инамаданы.
Абри аӡбамҭа шьаҭас иҟаҵаны апрокурор хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизарахь ашәҟәы наишьҭит Кәарҷиа адепутат икьымсра имхразы.
Мшаԥымза 16 рзы иарбоу азҵаара аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилакы аилатәараҿы иахәаԥшит. Аилацәажәара аихшьалақәа рыла, Кан Кәарҷиа адепутат икьымсра имхра ақәшаҳаҭымхаразы абжьгара ҟанаҵеит.
Аилатәараҿы абжьыҭираан адепутаттә корпус апрофильтә еилакы аӡбамҭа иадгылеит, Кәарҷиа адепутат икьымсра ихыхра иақәшаҳаҭымхеит