Print this page

Ҟабарда-Балкариа Агәабзиарахьчара Аминистрра Аԥсны ҳамҭас иарҭеит УЗИ-аппарат

Мшаҧы 14, 2026 20

ҞБА Ахада Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ҳамҭас иеиҭеит ҳаамҭазтәи УЗИ-аппарат Mindray M6. Аппарат рыҭан агәабзиарахьчара аусхк аҟны ареспубликақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицуреи аиҩызаратә еимадарақәеи рырӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Амыруга ҿыц Аҟәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа иеиҭеит ҞБА агәабзиарахьчара аминистр Рустам Калибатов, аҳамҭа идикылеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Аԥсны Агәабзиарахьчара Аминистрра анапхгара Ҟабарда-Балкариа аиҳабыра иҭабуп ҳәа рарҳәеит атехникатә база арҿыцраҿы иҟарҵаз ацхырааразы. Иазгәаҭан ҳаамҭазтәи аппарат ахархәара ишалнаршо амедицинатә маҵзура аҩаӡара акыр аизырҳара.