Print this page

Альфред Какуев 88 шықәса ихыҵит

Ԥхынкәын 02, 2022 165

 

Аҧсны Жәлар Реизара актәи ааҧхьара (1991 – 1996 ш.ш.) адепутат Альфред Леонид-иҧа Какуев ноиабр 30 азы 88 шықәса ихыҵит. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа 2022 шықәса ноиабр 14 азы инапы зҵаиҩыз Аусҧҟала Альфред Какуев ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Актәи ааҧхьара адепутатцәа рыхьӡала дидныҳәаларц, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара инапаҿы ииҭарц ҳазну аамҭазы Альфред Леонид-иҧа дахьынхо Смоленсктәи аобласт Виазма ақалақь ахь дцеит Леонид Лакербаиа.

«Рыцҳарас иҟалаз, Альфред Леонид-иҧа игәабзиара ахьеицәахаз азы, уи уажәы ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп, хаҭала иареи ҳареи ҳзеиқәымшәеит. Ҳалҧылеит иара иҧҳа Ирина. Уи Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа А.С.Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҟны аурыс бызшәеи алитературеи длырҵон. Излалҳәаз ала, лаб аҵыхәтәантәи мышқәак даара ихы иҽеимкәа ибон. Аха ҳидныҳәаларц ҳашнеиуаз идыруан, убри аҟнытә заанаҵы аџьшьаратә шәҟәы ирмазеит, Ирина лакәзар, иара иажәақәа ҭаҩны иҳалҭеит. Сара илысҭеит «Ахьӡ-Аҧша» аордени Альфред Леонид-иҧа изоушьҭыз аматериалтә цхыраареи. Иара убас илысҭеит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апарламент актәи ааҧхьара адепутатцәа гәыҧҩык рыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәы. Ирина ҩаҧхьа лаб ихьӡала ҭабуп ҳәа ҳалҳәеит», – «Аҧсныпресс» ахь ҭелла иааицҳаит Леонид Лакербаиа.

«Ҵхагәаны Москваҟа ҳаныхынҳә, аҭел дасит Ирина, ҩаҧхьа ҭабуп ҳәа ралҳәеит Ахада Аслан Бжьаниеи актәи ааҧхьара адепутатцәеи. Альфред Леонид-иҧа иара убас аҳәара ҟаиҵеит салам ду лаҳҭарц Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт абиблиотека ҧасатәи аиҳабы Елена Марганиа. Альфред Леонид-иҧа дгәыҕуеит иаарласны ишьапы дықәгылап ҳәа, игәалашәара бзиақәеи иҧсҭазаара иреиҕьу ашықәсқәеи змадоу Аҧсны азы дхәарҭахап ҳәа», – иациҵеит Лакербаиа.

«Акыр иаҧсоу Альфред Леонид-иҧа! Аҧсны раҧхьатәи Апарламент (Жәлар Реизара) ала уҩызцәа рыхьӡала иудаҳныҳәалоит умшира! Иузеиҕьаҳшьоит агәабзиара ҕәҕәа, ашықәс рацәа!», – иазгәаҭоуп Акаба Наҭела, Аламиа Геннади, Анқәаб Алеқсандр, Барганџьа Даур, Бганба Валери, Василиев Виктор, Гәарамиа Алеко, Гәырџьуа Валери, Џьынџьал Сократ, Дамениа Олег, Занҭариа Владимир, Қарчаа Ренат, Кәарҷиа Валери, Лакербаиа Леонид, Лакоба Станислав, Логинов Виктор, Ҧилиа Давид, Ҭарба Даур, Ҭаркьыл Саид, Тополиан Альберт, Шамба Сергеи рнапы зҵарҩыз ашәҟәы аҟны.


Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

Бжьаниа А.Гь. иахь

Ҳаҭыр зқәу ухаҵкы Ахада!

Рыцҳарас иҟалаз, сгәабзиара алшара снаҭом иахьа шәааигәа аҟазаара.

Шәареи Аҧсны раҧхьатәи Апарламент ала сҩызцәеи даара ҭабуп ҳәа шәасҳәоит иахьатәи аҳамҭазы, исышәҭаз аматериалтә цхырааразы. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп абарҭ аҳамҭақәа риура иацхраауаз зегьы. Уи даара акыр иаҧсоуп сара сзы. Сгәы хыҭ-хыҭуеит, саҭашәымҵан џьара аӡәы дысгәаламшәазар. Абри аҳамҭа исгәаланаршәоит шәареи ҳареи ҳажәҩахыр еидҵаны Ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра анаҳахьчоз имариамыз аамҭақәа. Схырхәоит, ҳаҭыр шәықәысҵоит сҩызцәа, сыцнагаҩцәа.

Еснагь шәысгәалашәоит. Еснагь сшәыцуп.

Ҳаҭырла,

Какуев Альфред Леонид-иҧа