Print this page

Аԥсны ахьӡала «Горки иаԥхьарақәа» ирылахәхоит Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи

Хәажәкыр 25, 2026 9

Д.Гәлиа илитература-мемориалтә музеи аусзуҩцәа алахәхоит XLII Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Горки иаԥхьарақәа» ҳәа аанацҳауеит акультура аминистрра апресс-маҵзура.

Аконференциа мҩаԥгахоит 2026 шықәсазы Нижни Новгород — Максим Горки иԥсадгьыл аҿы.
Аделегациа аилазаара иалалеит амузеи адиректор Светлана Корсаиеи аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Заира Кәакәасқьыри.
2025 шықәсазы Нижни Новгород акультура амшқәа раан Аҟәа ихацыркыз аусеицура иацызҵо ари аныҟәара еиҿкаауп А.М. Горки иҳәынҭқарратә музеи ааԥхьарала.

Аконференциа тема хаданы иҟалоит «XXI ашәышықәсазы Горки М. иҭҵаара». Аҭҵаарадырратә программа иаҵанакуеит ашәҟәыҩҩы илитературатә ҭынхеи акультура-ҭоурыхтә процессқәа рҿы ирольи ирызку ажәахәқәеи аиҿцәажәарақәеи.
Светлана Корсаиа ажәахә ҟалҵоит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы иқәыргыло Горки ипиеса «Аҵыхәтәантәиқәа» иазкны.