Print this page

Ақалақь аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит Гәдоуҭа араион ахадараҿы 

Хәажәкыр 25, 2026 12

Асҭамыр Аргәын Самара ақалақьтә округ ахаҭарнакцәа дырԥылеит гәдоуҭатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵааразы. 

Хара имгакәа Гәдоуҭа ауааԥсыреи асасцәеи ирылшоит еиҭашьақәыргыло аԥшаҳәа ҿыц аҿы анеи-ааира. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит  икоммерциатәым ихьыԥшым аиҿкаара «Урыстәыла Афицарцәеи» Самара ахатәы бизнеси реиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит Гәдоуҭатәи ахадара Феисбук адаҟьаҿы.

Аиԥылара иара убас иалахәын араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Агрба, араион архитектор хада Адгәыр Ҭарба, аинформациеи ауаажәларратә еимадареи рыҟәша аспециалист хада Арнольд Ӡари-иԥа.