12 шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара имҩаԥысуаз аицлабраҿы аиааира игеит Давид Езыгәба, ари ақәратә категориа иаҵанакуа аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Анна Шьынқәба. Жәа-шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара аиааира лгеит Маиана Ашьхаруа.
Аиҵбыратәи ақәратә категориа иаҵанакуа аҷкәынцәа рыбжьара аиааира игеит Лука Барганџьиа, аџьаз медал ианашьахеит Платон Оҭырба.
Аспортсменцәа зегьы аԥкьаҭмпыл азы аспорт азҟаза Елизабет Акуциа лнапхгарала рҽазыҟарҵоит.