Агрба инаҵшьны иазгәеиҭеит Пицунда абиуџьеттә статус аԥсахра ишалнаршо аԥарақәа еиҳа хра рыманы реихшареи ицәырҵуа ауадаҩрақәа ирласны рыӡбареи, еиҳаракгьы атуристтә сезон аан.
«Ҳара ақалақь аҿиараҿы акыр ԥхьаҟа ҳаԥшлароуп,» — иҳәеит ақалақьтә шәахтә шьаҭа ишазҳауа азгәаҭо. Уи азы иаԥҵатәхоит афинанстә ҟәша. «Ақалақь аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәреи аинфраструктура арҿыцреи рзы иазоурыжьуа аԥара иацҵатәуп», — азгәеиҭеит Агрба.
Иара убасгьы, атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ақалақьқәа Пицундеи Афон Ҿыци рфинанстә хьыԥшымра иазкыз аԥшьгара иахьадгылаз азы.