Print this page

Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 66-тәи рраунд алагеит Женева

Хәажәкыр 18, 2026 11

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭо аделегациа иалахәуп адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Сариа Џьопуа, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ Кан Ҭаниа.

Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа ирылахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, иара убас Урыстәылатәи Афедерациеи Еиду  Америкатәи аштатқәеи ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩрала.