Print this page

Амилаҭтә библиотека аҭааҩцәа рхы иадырхәар рылшоит Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә библиотека аелектронтә архив

Жәабран 13, 2026 23

Уажәшьҭа Аԥсны ауааԥсыра хәыда-ԥсада рхы иадырхәар рылшоит ацифрахь ииагоу Урыстәылатәи абиблиотека архив.

Аԥхьаҩцәа ироурц рылшоит зхаҭабзиара ҳараку ашәҟәқәа, афонд иааиԥмырҟьаӡакәа ихарҭәаахалоит.

«Иқәгылоуп акомпиутерқәа ааба. Ҳара иҳауит 4,2 млн рҟынӡа архивтә дыррақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ашәҟәқәа, адиссертациақәа, анапылаҩырақәа, аҭҵаарадырратәи арҵаратәи литература. Уаҟа еизгоу адыррақәа рыхә ашьара уадаҩуп» - иҳәеит амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

Аԥхьарҭатә зал ашә аартуп ашәахьа инаркны ахәашанӡа, асааҭ 09:00 инаркны 17:00 рҟынӡа.