Print this page

Мықәтәи ауахәамаҿы

Абҵара 11, 2022 396

Амҽыша, ноиабр 6 азы Анцәа Иан Лылацәеиқәыҧсара Мықәтәи акафедралтә уахәамаҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи Сретентәи аберҭыҧ Ахори еицымҩаҧыргаз агәыҳалалратә концерт.

Абри агәыҳалалратә ус иабзоураны еизган 342 734 мааҭ, – иаанацҳауеит Аҧсны акультура Аминистрра.

Еизгоу амалқәа зегьы дәықәҵахоит ауахәама аиҭашьақәыргыларахь. Ҳаҧхьаҟагьы ацхыраарақәа рыҟаҵара иацҵахоит онлаин арежим ала.

Акультура Аминистрра ҭабуп ҳәа ранаҳәоит ҧарала ацхыраара ҟазҵаз атәылауаа, асасцәа зегьы.