Print this page

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Абҵара 11, 2022 384

Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аусзуҩцәа Аҟәеи Гәдоуҭеи рҟнытә арезервистцәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит, иаанацҳауеит Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура апресс-маҵзура. Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаҧысшьа дахылаҧшуан Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы аполковник Дмитри Дбар.

Алада Ешыра ақыҭан аҽазыҟаҵарақәа раан арезервистцәа еиҕьыртәуан абџьар ахархәара аганахьала ирымоу ашьцыларақәа.

Абасеиҧш иҟоу аҽазыҟаҵарақәа лассы-лассы имҩаҧыргоит, иагьзызкугьы аҽеизгаратә ҽазыҟаҵара ашьҭыхра ауп.