Print this page

Аусеицура аҳәаақәа

Абҵара 11, 2022 414

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр, аплатформа «Аҧсны аҧеиҧш» ашьаҭаркҩы Инал Арӡынба диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә напхгараҭара иреиҳаӡоу ашкол адиректор, аиҿкаара «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла аҵаарадырра адиректор хада Алеқсеи Комиссаров.

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Арӡынбеи Комиссарови рнапы аҵарҩит аплатформа «Аҧсны аҧеиҧши» «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» рыбжьара аусеицуразы аиқәышаҳаҭра. Ари аиқәышаҳаҭра иарҭбаауеит Аҧсны аҿар рыдгыларазы аусеицура аҳәаақәа, Урыстәылан аҧсуа ҿар аҧышәара рахыжьра аҵара дырҵара.

Еицырзеиҧшу апроектқәа нагӡахоит Аҧсны Ахада иҟаиҵо адгыларала.

«Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» – Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин иаҧшьгарала 2018 рықәсазы иаҧҵоу еиҿкаароуп.