Print this page

Фазиль Искандер имемориалтә уада

Абҵара 04, 2022 448

 

Москва, Абиблиотека №36 аҟны иҟоу Фазиль Искандер Икультуратә центр аҿы иаартуп имемориалтә уада.

Ауада аӡыргара иазкыз аусмҩаҧгатә ашҟа инеит Москватәи алитераторцәа, хаҭала Ф. Искандер ибзианы дыздыруаз, ашәҟәыҩҩы иҭаацәа, Москватәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа, ҳџьынџьуаҩ иҭынха пату ззақәу аӡәырҩы.

 Ахәылҧаз еиҿкаан Акультуратә центр абзоурала, ашәҟәыҩҩы иҭаацәа рыцхыраарала. Аусмҩаҧгатә далахәын Москватәи аҧсуа диаспора аиҳабы Беслан Агрба. Аиқәшәара хацыркын ауада аӡыргарала. Уаҟа иҟоуп ашәҟәыҩҩы дызхатәаз астол, уи иқәгылоуп икьыҧхьга амашьынка, ихатә библиотека аҟнытә ахәҭак - хышә шәҟәы еидызкыло уҳәа. Ауада аӡыргараан ицәыргаз аекспонатқәа рыӡбахә рзеиҭалҳәон ашәҟәыҩҩы иҧшәмаҧҳәыс Антонина Хлебникова-Искандер.

Ахәылҧаз мҩаҧигон ашәҟәыҩҩы, Аурыс Пен-центр аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Евгени Попов. Фазиль Искандер изкыз ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит Москватәи  ашәҟәыҩҩцәа рықалақьтә Еидгыла ахантәаҩы Евгени Сидоров, аҧсуа шәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Денис Чачхалиа уҳәа егьырҭгьы. Ирылацәажәан ашәҟәыҩҩы илитературатә ҭынха, иҩымҭақәа ирылху афильмқәа.

Аҵыхәтәан Антонина Хлебникова дрыҧхьеит ашәҟәыҩҩы ианҵамҭақәак. Ахәылҧаз ахыркәшараан амемориалтә уада аиҿкаареи аартреи иахаҵгылаз, иазааҧсаз ашәҟәыҩҩы иҩызцәеи иколлегацәеи, насгьы уахь имҩахыҵыз, иара изкны згәалашәарақәа рыла иқәгылаз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.