Print this page

Харада идырӡыз ргәалашәара Амш азы

Абҵара 04, 2022 186

Октиабр 30 рзы Аҧсны иазгәарҭеит харада ахара рыдҵаны идырӡыз Рымш. Ари     аҽны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарахь инеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Ахада иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, ихаҭыҧуаа Кристина Озган, Владимир Делба, харада ахара рыдҵаны идырӡыз рҭынхацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

 ХХ ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы Аҧсны ахара рыдҵаны иҭархан быжьнызқьҩык рҟынӡа. Аҧсны Ацентртә Анагӡаратә Комитет иалаз 120-ҩык рахьтә ирӡын 78-ҩык. 1937–1942 шықәсқәа ирыҵанакуа аамҭақәа раан ирӡын шамахамзар аҧсуа интеллигенциа зегьы. Аполитикатә репрессиақәа раан иҭархаз  Асовет Еидгылаҿы рыриашара иалагеит 1954 ш. рзы, Сталин иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь. 1960-тәи ашықәсқәа раан ари аус аанкылан, анаҩс иацҵахеит 1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы.

2006 ш. раахыс  октиабр 30 рзы Аҧсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рымш. Убасҟан Аҧсны Ахада иҟны иаҧҵан харада ахара рыдҵаны идырӡыз рыриашаразы акомиссиа, иара убас хазы еиҿкаан ауаажәларратә хеидкыла - Ассоциациа. Ирӡыз ргәалашәара иадырганы Аҟәа, Аҧсны Жәлар Реизара аҧхьа, амҩа нымҩахыҵ  2011 ш. иргылан абаҟа.