Аиԥылараҿы урҭ Аԥсны апавилион аиҭашьақәыргылара ахыркәшара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Адиректор хада ихаҭыԥуааи аҟәшақәа рнаԥхгаҩцәеи злахәыз аиԥылараҿы Аԥсны апавилион аиҭашьақәыргылара ахыркәшареи уи ашьҭахь ахархәаратә ҭакԥхықәра аԥсуа ган ахь аиагареи ирызку азҵаарақәа ирзааҭгылан.
Аганқәа атехникатә хылаԥшратә гәыԥ иаднагало аԥыжәаратә ҭыԥ аанызкыло азҵаарақәа ирылацәажәеит, урҭ рыӡбаразы аҿҳәарақәагьы алыркааит. Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит анагӡаратә напхгаҩы Олег Лакобеи атехникатә хылаԥшра агәыԥ анапхгаҩы Сергеи Баженови.