Print this page

Аилибакааратә ҟазшьа аман

Жьҭаара 20, 2022 417

2022 ш. октиабр 14, Аҧсныпресс. Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҽалархәразы иааз аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Олег Смолини реиҧылара.

Аиҧылара иалахәын: Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба, адепутатцәа Инар Саӡба, Инар Гыцба, Апарламент аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа, Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аекономикатә теориа акафедра аиҳабы Александр Страничкин, Урыстәыла агуманитартә ҭҵаарақәа Ракадемиа ахада Хачатур Мариносиан. Аиҧылараҟны ирылацәажәеит Аҧсни Урыстәылеи русеицура иазку азҵаарақәа жәпакы, иара убас аҭҵаарадырреи аҵареи ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы.

Аиҧылара мҩаҧысит аиҩызаратәи аилибакааратәи ҟазшьа аманы.