Уи иажәақәа рыла, ари аицҵалыҵ 2024 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭазы иҟаз арбага аасҭа 82 млн. 201 нызқь мааҭ рыла еиҳауп. «Ашықәс инаркны Атәанчаҩратә фонд ахь аԥгаԥсатә шәатәқәа раҳасабала иалагалахаз аԥаратә малқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 459 млн. 562 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи 2024 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭазы иҟаз арбагақәа раасҭа 55 млн. 253 нызқь мааҭ рыла еиҳауп», - иҳәеит Денис Гәылариа.
Лаҵарамза 1, 2025 шықәсазы атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауа рхыԥхьаӡара 48 987-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи 2024 шықәсазы аасҭа 320-ҩык рыла еиҳауп. Атәанчахәқәа рахь ацҵақәа зауа рхыԥхьаӡара 14 903-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
2024 шықәсазы аасҭа 1 412-ҩык рыла еиҳауп. Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 1 азы ԥарала еиқәыршәаз атәанчахәқәа реицҵалыҵ 360 млн. 458 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа 7 млн. 129 нызқь мааҭ рыла еиҳауп.
Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 1 азы ԥарала еиқәыршәаз атәанчахәқәа рыцҵақәа реицҵалыҵ 190 млн. 285 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи 2024 шықәса, аиԥш-зеиԥшу аамҭазы аасҭа 74 млн. 961 нызқь мааҭ рыла еиҳауп. Аԥсыжразы аԥаратә цхыраагӡатәқәа реицҵалыҵ 928 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 2024 шықәса рзы аасҭа 109 нызқь мааҭ рыла еиҳауп.
«2025 шықәс алагамҭа инаркны зеицҵалыҵ 71 млн. 636 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡо ауал ашәара алыршахеит. Зынӡа аинкассатә напынҵақәа рыла 2025 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны идыршәоуп 5 млн. 254 нызқь мааҭ», – иазгәеиҭеит Денис Гәылариа.