Print this page

Аруаа рныҳәамш азгәаҭан

Жьҭаара 13, 2022 227

Октиабр 11 – Аҧсны Арбџьар Мчқәа рымш азгәаҭараан Аҧсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа анышә иахьамадоу Ахьӡ-аҧша апарк аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҧсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа знапхгараҿы дыҟоу аруаа. Аҽны Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба, аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь анышә иахьамадоу рмемориалқәа ирҭааит, ашәҭқәагьы шьҭарҵеит.

Иргәаладыршәеит иара убас Аҧсны Атәылахьчара аҧхьатәи аминистр Владимир Аршбеи аминистрс иҟаз Владимир Мқанбеи, урҭ рҳагәынқәа рҿы ашәҭ шьҵәрақәагьы шьҭарҵеит.

 Атәылахьчара Аминистрра 30 шықәса ахыҵра иазкыз агәырҕьаратә еилатәара мҩаҧган Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филормониа аҟны. Уахь имҩахыҵит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны Аминистрцәа реилазаара иалоу, аруаа, аибашьра аветеранцәа уҳәа аӡәырҩы.

Аныҳәатә еилатәара аартуа ажәахә ҟаиҵеит Аҧсны Атәылахьчара аминистр, Аҧсны Афырхаҵа, аинрал-полковник Владимир Ануа. Уи иажәақәа рыла, ари амш даара акрызҵазкуа мшуп аҧсуа жәлар рзы. «Аҧсны Атәылахьчара Аминистрра аҟны аус зуа рыдагьы, ари амш азгәаҭара иалахәуп аветеранцәа, иахьатәи аамҭазы арратә маҵзура иахысырц иааҧхьаз аҷкәынцәа» – иҳәеит уи. Анаҩс дазааҭгылеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан изнысыз аамҭа уадаҩ.

Анаҩс ажәа иман Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Уи архәҭақәа рҟны аррамаҵура иахысуеи урҭ реиҳабацәеи Аҧсны Арбџьар Мчқәа раҧҵара 30 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.

 Аҧсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа идҵала Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ианаишьеит амедал «Атәылахьчара аминистрра 30 шықәса ахыҵра» иазку.

Анаҩс Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа идҵа инақәыршәаны, аруаа рныҳәамш аҳаҭыр азы зыҧсҭазаара иалҵхьоу Владислав Арӡынба, Сергеи Багаҧшь, Владимир Аршба, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Гиви Агрба, Владимир Мқанба, Динвар Асланӡиа рҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа рнапаҟны идыркын амедал «Аҧсны Атәылахьчара аминистрра 30 шықәса».

«Аҧсны Атәылахьчара аминистрра 30 шықәса» амедал ранашьан иара убас Сергеи Шамба, Виссарион Аҧлиаа, Мираб Кьышьмариа, Виачеслав Ешба, Виктор Какалиа, Алик Аиба, Гәырам Допуа, Вахтанг Цыгәба, Гарри Кәпалба, Закан Нанба. Аҧсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Ҵәыџьба идҵала амедал ианашьоуп Аҧсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ихаҭагьы.

Аныҳәатә еилатәара ахыркәшараан иҟан Аҧсны еицырдыруа ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи злахәыз аконцерт.


Стелла Сақаниа