Print this page

Гагра ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵит

Жьҭаара 06, 2022 427

Октиабр ҩба рзы Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ар рҟнытә Гагра ақалақь ахы иақәиҭтәуижьҭеи ҩеижәижәаба шықәса ҵит. Абри арыцхә инамаданы Гагра аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа еиҿкаан.

Асааҭ жәеиза рзы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан Аҧсны Аџьыннџьтәылатә еибашьраан Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз рбаҟа амҵан, араҟа амитинггьы мҩаҧысит.

Ари аҽны иалыршаз Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь – октиабр ҩба рзы Аҧсны мраҭашәаратәи аганахьала ҳтәыла аҳәааҟынӡа ахы иақәиҭыртәит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи ацхырааразы хатәгәаҧхарала иааз агәыҧқәеи рыбзоурала.