Print this page

Аимадарақәа рырҭбааразы

Цәыббра 16, 2022 246

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Тамила Мырцхәлаа диҧылеит Иорданиа аҟны  Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак Амин Бакиж, иаанацҳауеит апалата асаит.

Мырцхәлааи Бакижи рылацәажәеит Иорданиатәи Ахашимиттә Кралраҿы аҧсуа нападкылаҩцәа ринтересқәа рцәыргареи Аҧсны аӡыргареи ирызку аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара.

Аицәажәара аан иара убас ишьҭырхуан Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апроект "Аҧсуа-Уҧсадгьыл уаҭаа" анагӡара азҵаарақәа. Мырцхәлаа илҳәеит Иорданиа аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа рхәыҷқәа рыдкылара, урҭ аҭоурыхи, акультуреи, атрадициақәеи деилыркаара дшазхиоу.

Иара убас иалацәажәеит Аҧснытәи атранспорттә еилахәырақәеи асаасааирҭақәа жәпаки рҟны аиқәшаҳаҭрақәа рбжьаҵара шауа. Уи зызкхо Иорданиа аҟынтәи атуристцәа рыдкылара ауп.

Аиҧылара еихшьалауа, Тамила Мырцхәлаа иазгәалҭеит адунеи аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусура шазку Мрагылара Ааигәеи, Азиеи, Африкеи ртәылақәа рҟны аусеицура арҭбаара.