Print this page

Мусса Дауров инышәынҭраҿы

Цәыббра 16, 2022 214

Сентиабр 9 азы Аслан  Бжьаниеи  Аҧснытәи  аделегациеи аҭааит Ҟарачы-Черқьестәи  Ареспублика аул Ҳабез аҟны  иҟоу Леон иорден  занашьоу Мусса Дауров  инышәынҭра, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала  дидыруан Мусса Дауров. Дара  еибадырит Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы, убасҟан  Аслан Бжьаниа Черқьескҟа дцалон имаҵуратә усқәа  рыла. Аслан Бжьаниеи Мусса Даурови аибабара рыбжьан  аибашьра ашьҭахь. Ахада иазгәеиҭеит  Дауров  еибашьҩыҵәҟьаны, дпатриотҵәҟьаны дшыҟаз.