Print this page

Афильм аҭыхра иалагоит "Араса чымазара"

Цәыббра 08, 2022 241

2022 шықәса сентиабр азы акиностудиа "Ленфильм" Аҧсны аҭыхра иалагоит адунеи зегьы аҟны араса ахә анышьҭыҵ ашьҭахь, "араса чымазара" ацәырҵра атәы иазку афильм "Аҵыхәтәантәи ахә". Астудиа аиҳабы Фиодор Шьчербаков абри атәы иҳәеит ТАСС аҟны.

"Апроект "Аҵыхәтәантәи ахә" анагӡара ҳаҿуп. Инықәырҧшшәа уи "араса чымазара" ҳәа ахьӡаҳҵап. Аҭыхрақәа мҩаҧысуеит Аҧсны, иагьрылагоит сентиабр 15 азы", – иҳәеит Шьчербаков.

"Аҵыхәтәантәи ахә" арежиссиорс дҟалеит адебиутант Наур Гармелиа. Апремиера ҟалап ҳәа иазыҧшуп 2023 шықәсазы.

Уаанӡа адыррара ҟалахьан акиностудиа "Ленфильм" иазынамыгӡеит ҳәа аҳәаанырцәтәи аҭыхгатә шьақәгыла аҧсахразы апрезидент инапынҵа, избанзар аџьынџьтәылатә зынӡаск иахьыҟамыз аҟнытә.