Print this page

Аԥсны Ахада Иусԥҟақәа рыла

Мшаҧы 25, 2024 81

Амилаҭтә журналистика арҿиараҿы рлагаламҭазы, акьыԥхь аганахьала рылшамҭақәа рзы  агазеҭ «Аԥсны» 105шықәса ахыҵра инамаданы «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит: Ахра Анқәаб, Борис Қаџьиа, Кристина Инаԥшьба, Наира Сабекиа, Стелла Сақаниа, Хьыбла Ҳашба.

Аԥсуа журналистикаҿы шықәсы рацәала, лҵшәа бзиала русуразы агазеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит: Алиса Гәажәба, Шарида Торчуа, Альбина Жьиба, Елана Лашәриа.

Изыхәҭоу Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит Аԥсны Ахада Аслан Бжьанаиа.