Print this page

Аслан Бжьаниа идикылеит Шьамтәылантәи аделегациа

Цәыббра 06, 2022 200

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идикылеит адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә аџьынџьуаа русқәеи рминистр Феисал Миқдад хадара ззиуа Шьамтәылатәи Арабтә Республика аделегациа.

«Ҳаҭыр зқәу ухаҵкы аминистр, ҳаҭыр зқәу асасцәа, ҳаигәырҕьоит Аҧсны бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳәара. Агәра ганы сыҟоуп, Шәара шәаара ҳаизыҟазаашьақәа ҿыц ҧхьаҟа ишыргауа. Сареи Аҧснытәи аделегациа иалахәыз зегьи иҧхаӡа иҟоу агәалашәарақәа ҳзаанхеит 2021 шықәса маи азы Дамаскҟа ҳныҟәара аганахьала. Аҵак ду аҳҭоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҟнытә аделегациа ду раҧхьаӡа акәны раара, агәаҳәара ҳамоуп иаарласны иҳадаҳкыларц азы Шьамтәыла анапхгареи аиҳабыреи егьырҭ рхаҭарнакцәагьы», – иҳәеит Ахада Аслан Бжьаниа, асасцәа дрыдныҳәалауа. Уи аҳәара ҟаиҵеит Шьамтәыла Апрезидент Башар Асад Аҧсныҟа дшааиҧхьо атәы иарҳәарц. Аҧсни Шьамтәылеи рбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шықәсқәак уажәаҧхьа ишышьақәыргылазгьы, ҩ-жәларык реизыҟазаашьақәа рҭоурых, Бжьаниа иажәақәа рыла, иҵаулоу атрадициақәа рымоуп. «Ҳажәларқәа еимаздоз ахаҭара ҷыдақәа дыруаӡәкын аинрал Уалид Маршьан. Агәра ганы сыҟоуп, ҳаимадарақәа иаҳа-иаҳа ишыҕәҕәахауа», – иҳәеит Бжьаниа.

Шьамтәылеи Аҧсни рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәышаҳаҭра, иара убас жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа фба рнапы рыҵаҩуп, убрахь иналаҵаны азакәанҧҵаратә усбарҭақәагьы, атәылахьчаратә усҳәарҭақәагьы. Аус ауеит аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы Аҧсни Шьамтәылеи еицырзеиҧшу аилак. Еицырзеиҧшу аилак инақәыршәаны активла аусура мҩаҧысуеит, анапаҵаҩра иаздырхиоит аиқәышаҳаҭрақәа даҽа фба, акультуреи, ақыҭанхамҩеи, аҵареи, аҳазалхратә уси, ахәаахәҭреи, аспорти рганахьала аҧкаанҵақәа, амеморандумқәа. «Акырӡа аҵанакуеит ҳәа иаҳшьоит аинвестициатә еимдара ахырхарҭала аусура, иара убас атранзиттә, аеқспорттә хәаахәҭратә мчхарақәа ахрархәарагьы», – иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада гәахәарала иазгәеиҭеит Аҧсни Шьамтәылеи аҩнуҵҟатәи русқәа рминистрцәа «Аполитикатә еицәажәарақәа русхк аганахьала аилибакааразы Амеморандум» рнапы ахьаҵарҩыз афакт. «Аҧсны азхиоуп жәларбжьаратәи аҭыҧқәа зегьы рҟны Шьамтәыла аус ацура, иагьақәгәыҕуеит Шьамтәыла иаҩызцәоу Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҟны аимадарақәа рырҭбаараҿы Шьамтәыла адгылара ҟанаҵап ҳәа», – иаҵишьит Ахада. «Урыстәылан Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩыс иҟоу, ҳаҭыр зқәу Риад Ҳаддад Аҧсны даахьеит, ҳаигәырҕьоит ҩаҧхьа уи ҳадгьыл аҟны ибара. Ҳгәыҕуеит, Шәара ҳаҭыр зқәу аминистр, аделегациа иалоу зегьы Аҧснынтәи агәалаҟазаара бзиақәа рыманы ихынҳәып ҳәа», – иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Иара иганахьала Феисал Миқдад аҳәынҭқарра Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҧхаӡа адкыларазы: «Ҩыџьа апрезидентцәа реиҩызара алшара ҳнаҭоит ҳтәылақәа ҳаҧхьаҟагьы реизыҟазаашьақәа рырҿиаразы. Иахьатәи амш иалыршаны еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҟны ҳаҟан, игәасҭеит Дамаск еиҧшнушьало аҭыҧқәа шырацәоу. Иаарласны Дамаск шәара ишәзыҧшуп, ааигәа Шьамтәыла шәшыҟазгьы. Шәара иҟашәҵо адныҳәалареи Шьамтәыла Апрезидент иааҧхьареи ртәы сҳәаанӡа, ишьақәсырҕәҕәарц сҭахуп уи гәахәарыла ишидикылауа».

Шьамтәылатәи адипломат иара убас иаҵишьит, Аҧсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа иҵабыргыҵәҟьаны аҭоурыхтә ҵакы шрымоу. «Шьамтәыла адгьыл азы ашьа казҭәаз, шьҭрала Аҧсны еиуаз афырхацәа сгәаласыршәалацыҧхьаӡа, ҳара жәларыкуп ҳәа сыҧхьаӡоит», – иҳәеит аминистр.

Шьамтәылатәи аделегациа зегьы ахьӡала Феисал Миқдад асасдкыларазы, Аҧсны аиҧыларақәа рзы, апрограмма бзиазы ҭабуп ҳәа иҳәеит. «Аиҿцәажәара бзиаӡақәа мҩаҧаагеит сколлегацәа рҟны. Аминистр Инал Арӡынба иҿцәажәарақәа раан еилибамкаарак ҳмоуит. Ҳпозициақәа еиқәшәоит, аҭакҧхықәра ду рыдаҳҵом ҳацҳаражәҳәаҩцәа, урҭ зегьрыла ҳрыцхраалоит ҳаиҧыларақәа раан ҳзыхцәажәақәаз зегьы нагӡахарц азы», – иҳәеит аминистр.

Аҧсны ахьыҧшымра иахҭыннаҵаз дуп, шәаргьы ҳаргьы уи ахьчара ҳацхраауеит, – иақәиргәыҕит Шьамтәыла адәныҟаполитикатә усҳәарҭа ахада. «Сара гәышьҭыҵра дула сахәаҧшуеит ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа рҿиашьа, сгәы иаанагоит ҳтәылақәа рхадацәа рхылаҧшуеит ҳәа инагӡоу, иара убас инагӡам. Сҩызцәеи сареи ҳамч-ҳалшара адаҳҵоит ахыдҵақәа зегьы рынагӡара», – иҳәеит Феисал Миқдад.

Адныҳәаларатә ажәақәа анеибырҳәа ашьҭахь, аиҧылара иацҵан ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

Аслан Бжьаниеи Феисал Миқдади аофициала реиҧылара ашьҭахь, агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит. Иара убас аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Шьамтәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба, Урыстәылатәи Афедерациаҿы Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Риад Ҳаддад, Аҧсны Ахада иабжьгаҩ Григори Ҧилиа.