Print this page

Иреиӷьу далырхуеит

Ԥхынкәын 27, 2023 96

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы имҩаԥнагоит абжьыҭира асоциалтә ҳа Instagram аҟны – 2023 шықәсазы аспорт абзиабаҩцәа ргәаанагарала иреиӷьу аспортсмен иалкааразы.

Апремиа «Аԥыза қәыԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аныҳәатә анашьаратә церемониа мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынҷкәынмза 25 рзы.

Аҳәынҭқарратә еилакы ишьа­қәнар­гылт иҷыдоу аноминациа, уи инақәыршәаны аспорт абзиабаҩцәа рыбжьыҭирала далырхуеит ашықәс аспортсмен.

Асиа шьақәгылан 2023 шықәса иалагӡаны иаадырԥшыз аихьӡарақәа рыла: Елҟан Гәазаа (атлетика хьанҭа), Инал Гәазаа (аӡиудо), Ерик Кәарҷиа (аԥқьаҭмпыл), Данил  Харчлаа (зхы иақәиҭу аиқәԥара), Асҭамыр Асланӡиа (амҵәышәмпыл), Лиудмила Бганба (анапылампыл), Амина Аншба (аԥкьаҭмпыл), Харитон Агрба (абокс), Џызбеи Аҩӡба (аҽыбӷаҟаза), Леон Сабуа (ашьапылампыл), Дмитри Гәазаа (автомо­билтә спорт).

Иалыркааз деилкаахоит афотосахьа аҵаҟа шаҟаҩы абжьы арҭаз ала.